06.08.2018
Беслан Барцыц усуратә визитла Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны дыҟоуп
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц усуратә визитла Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны дыҟоуп.
Аделегациа иалоуп иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапхгара ахаҭарнакцәеи дареи реиҧылараҿы аганқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтә Республика иаҭаара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылараны иҟоуп.