26.06.2018
Ҧхынгәымза 26 рзы Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа арегионтә миссиа ахада Иоҳаннес ван дер Клау, иара убас Аҧсны иҟоу ахҵәацәа рус азы Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа иахьа анапхгаҩыс иҟоу Азиз Рахџои уи ишьҭрамдаҩ Арџун Шрести идикылеит.
Иоҳаннес ван дер Клау Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы адырра ииҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ахҵәацәа рус азы Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭаҟны ҳазҭагылоу аамҭазы аус зуа апрограммақәеи апроектқәеи рзы.
Беслан Барцыц Азиз Рахџо иҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаҧгоу аусуразы, аихьӡарақәагьы изеиҕьеишьеит аҧхьаҟатәи изанааҭтә усураҿы. Уи иазгәеиҭеит аҳәынҭқарразы хәарҭара аманы ишымҩаҧысыз мрагыларатәи араионқәа рыҟны Аҧсны иҟоу ахҵәацәа рус азы Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа апрограмма, иара убас ақыҭанхамҩа аусхк аҟны ҳәа.
Арџун Шрест Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аусура аҷыдарақәа зегьы ҭиҵаараны дшыҟоу азгәаҭаны, иҳәеит аусура дшазхиоу.