16.02.2018
Жәабранмза 16 рзы Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыҧуаҩ Дмитри Шамба Валери Смыр икандидатура дирдырит Аҟәа араион Аусбарҭа Ахада имаҵураҿы иаҭара иақәшаҳаҭхаразы.
Уанӡа, 2018 шықәса жәабранмза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион Аизара дадҵаалеит Валери Смыр Аҟәа араион Аусбарҭа Ахада имаҵураҿы иаҭара иақәшаҳаҭхаразы.
«2016 шықәсазы иалагалаз Аконституциатә еиҭакрақәа инарыдҳәаланы, ақалақьи араиони Русбарҭақәа Рхадацәа аҧҟара ҿыц инақәыршәаны иаҭахоит. Ахада ақалақьи араиони Рхада даиҭаанӡа, дызҵазкуа административтә-дгьылҵакыратә акра Аизара ақәшаҳаҭхара иоуроуп», - иҳәеит Дмитри Шамба.
2017 шықәса ҧхынгәымза 14 рзы Валери Смыр Аҟәа араион Аусбарҭа Ахада инапынҵақәа наигӡон.
Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ихаҭыҧуаҩ Адгур Лышәба иазгәеиҭиет араионтә Усбарҭа аусура аихшьалақәа рыҟаҵара дшалахәыз, убасҟан ишрылаҳәаз Аҟәа араион аҟны иҟоу аихьӡарақәа ирызкыз ацифрақәа.
«Исҳәарц сылшоит алҵшәақәа шыбзиоу. Сара агәра згоит араион анапхгара аҧхьаҟагьы иалшо зегьы шыҟанаҵо аҧсҭазаара аиҕьтәразы», - иҳәеит Адгәыр Лышәба.
Араионтә еизара адепутатцәа иаартны рыбжьыҭирала еицҿакны Валери Смыр Аҟәа араион Аусбарҭа Ахада имаҵураҿы иаҭара иақәшаҳаҭхаразы рыбжьы рҭиит.
Валери Смыр аҳәынҭқарра Ахадеи Аҟәа араион Аизара адепутатцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит ирҭаз агәрагаразы.