Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Витали Габниа Жәларбжьаратәи афестиваль «Абаҩхатәрақәа рсалиут» иалахәыз ансамбль «Адаул» идикылеит

18.10.2017

Витали Габниа Жәларбжьаратәи афестиваль «Абаҩхатәрақәа рсалиут» иалахәыз ансамбль «Адаул» идикылеит

Жьҭаарамза 18 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа Жәларбжьаратәи афестиваль «Абаҩхатәрақәа рсалиут» алауреат ансамбль «Адаул» идикылеит.

Ахада ихаҭыҧуаҩ ансамбль алахәцәа ирыдиныҳәалеит иаадырҧшыз ақәҿиара, раҧхьаҟа аиааира дуқәа рзеиӷьеишьеит.

«Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит абас еиҧш абаҩхатәра змоу, угәы шьҭызхуа аҿар ахьҳамоу. Аҳәынҭқарра аганахьала иҳалшо ҟаҳҵалоит урҭ наҟ-наҟтәи рыҿиарамҩа адгылара аҭаразы», - иҳәеит Витали Габниа.

Ансамбль адиректор Еснаҭ Сангәлиа Ахада ихаҭыҧуаҩ изеиҭеиҳәеит ансамбль “Адаул” иалахәу рҭаацәа рхарџь ала аус шауаз. Жәларбжьаратәи афестиваль «Абаҩхатәрақәа рсалиут» аҟны алахәразы аҳәынҭқарра иҟанаҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Еснаҭ Сангәлиа иажәақәа рыла, сынтәа хәажәкырамзазы Санкт-Петербург имҩаҧысуаз афестиваль аҟны рансамбль актәи аҭыҧ ааннакылеит, афестиваль агран-пригьы роуит.

“Жьҭаарамзазы ҳара афестиваль асуперфинал ахь иаарыҧхьаз ҳреиуахеит. Раҧхьатәи амш азы ҳақәгылеит. Ҳарҧарцәа ирылшоз ҟарҵеит, ибзиаӡаны иқәгылеит. Аха аҩбатәи амш азы афинал ахь анеиразы мап ҳцәыркит. Ажиури иалахәыз руаӡәк ҳақәгылараан ҳхәынҭқарра афлаг ахьцәыраҳгаз иашам ҳәа азгәеиҭеит, уи аицлабра аполитикатә хырхарҭа анаҭоит иҳәеит”, - иажәа иациҵеит Еснаҭ Сангәлиа.

Иара инаҵшьны иҳәеит афестиваль аҧҟарақәа рыла асценахь аҳәынҭқарратә символика ацәыргара ҟалом ҳәа ишазҧхьагәаҭам.

Иара убас, Еснаҭ Сангәлиа иажәақәа рыла, ахәаҧшцәа гәахәарала дула ирыдыркылеит рықәгылара. Уи адагьы, ансамбль адиректор иаҳасабала иааиуа ашықәс азы Санкт-Петербург иҟалараны иҟоу афорум аҟны алахәразы агрант ирҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org