16.10.2017
Жьҭаарамза 16 рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ихаҭыҧуаҩ, Жәлар Реизараҟны Азинмчызмоу Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба адепутатцәа ахәаҧшразы ицәыригеит азҵаарақәа жәпакы.
Дмитри Шамба ицәыригеит Амилаҭтә банк ишьақәнаргылаз аиҭафинансыркра азыҧҵәақәа рҳәаа иҭагӡаны аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәа рыҟнытә акредитқәеи аҧсахтәқәеи рыла апроценттә аагамҭақәа ашәахтә рықәымҵара иазку «Аиҿкаара ахашәала ашәахтә азы «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроект.
Дмитри Шамба иаҵшьны иҳәеит ари ауснагӡатә атәылахь зыхәҧса ҳаракым афинанстә цхыраагӡақәа рааира ишацхраауа.
Жәлар Реизараҟны Ахада Ихаҭарнак иҳәеит урыстәылатәи абанкқәа атәылаҟны акредиттә инвестициақәа ишиашоу кредитла реиқәыршәара иазку апроектқәа аҭагылазаашьақәа рзаҧҵаразы азакәанапроект ишазҧхьагәанаҭо акредитқәеи аҧсахтәқәеи рзы иарбоу альготақәа раларҵәара, урҭ 2016 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны ихацыркын.
«Аҧсны Аҳәынҭқарра ибжьаратәуи абизнес дуи кредитла реиқәыршәара апрограмма еицынарыгӡоит Аҧсны Аиҳабыреи Урыстәылатәи аинвестициатә усбарҭеи», - иазгәеиҭеит Дмитри Шамба.
Иара иажәақәа рыла, иахьазы апрограмма инақәыршәаны ирыдыркылеит апроектқәа 8 збиуџьет миллиардк мааҭк инареиҳаны иартәо, даҽа ҩба рзырхиара иаҿуп.
«Ҿыц иаҧҵахо аусуратә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара 350 рҟынӡа инаӡоит, ашәахтә ааимҭақәа - 150 миллион мааҭ рҟынӡа шықәсык», - иаҵшьны иҳәеит Дмитри Шамба.
Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарқәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак Ахантәаҩы Натали Смыр иазгәалҭеит ари азакәанапроект ҩынтәны ашәахтәқәҵара ацәцара шалнаршо.
«Аиҭафинансыркра азыҧҵәақәа иреиҵоу апроцентқәа рыла ааимҭақәа зегьы ашәахтәқәа рықәҵахаӡом», - иазгәалҭеит лара.
Натали Смыр иаҵшьны илҳәеит абри азакәанапроект адкылара аҳәынҭқарразы аҵак ду шамоу.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра «Аиҿкаарақәа рхашәалахәы азы ашәахтә азы» Азакәан ахь аиҭакрақәа ралагаларазы» апроект азакәан рыдыркылеит актәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны.
Апарламент асессиа амш аусхәаԥштә аҟны Апарламент аҟны Ахада Ихаҭарнак ирыдигалеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыԥгаԥсара аиҿкаара аусхкаҟны, Урыстәылатәи Афедерациа хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥсара асистемаҟны, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҟны амедицинатә цхыраара рыҭараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуразы» азакәан апроект.
Дмитри Шамба иҳәеит абҵарамза 24, 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра арҿиаразы нанҳәамза 8, 2017 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи Ргәабзиарахьчара аминистррақәа рыбжьара «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыԥгаԥсара аиҿкаара аусхкаҟны, Урыстәылатәи Афедерациа хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥсара асистемаҟны, Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҟны урҭ амедицинатә цхыраара рыҭараҟны аусеицуразы» аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.
Ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иабзоураны Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу, аха Аԥсны иҭаҩу, анхарҭа ҭыԥ змоу, Урыстәыла аҭаҩра змам Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа амедициантә ԥгаԥсара роур рылшоит.
Убас ала, Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥсара асистемахь иаларҵоит, Урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа рҟны хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит.
Асоциалтә политика, аџьа, агәабзиарахьчара, адемографиа, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Апарламент Аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал ажәахә ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Краснодартәи атәылаҿацә ахь иадҵаалар рылшар азы ишадырҵо, уи агеографиатә зааигәаара инамаданы.
Амедицинатә ԥгаԥсара аполис ала Краснодартәи атәылаҿацә ахь иаҵанакуа амедицинатә усбарҭақәа зегь рҟны ацхыраара роур рылшоит, атәылауаа рхатәгәаԥхарала амедицинатә усбарҭақәа аналырхуа ада.
Дмитри Шамба иажәақәа рыла аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа ган ахахьы иагеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рхыԥхьаӡаразы адыррақәа рыҭара.
Иара убасгьы Аԥсны иеиҿкаахоит амедицинатә ԥгаԥсара аполисқәа рыҭарҭа аҭыԥқәа.
Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа адырра ҟаиҵеит ҳтәыла араионқәа зегьы рцентртә медицинатә усбарҭақәа рҟны урҭ аҭыԥқәа шаартхо.
Агәабзиарахьчара аминистр иацҵо иҳәеит, аполис хышықәса ирҭагӡаны амч шамоу.
Аиқәшаҳаҭра еицҿакны аратификациа азун.
Дмитри Шамба иара убасгьы ирыдигалеит Абжьаҟаратә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы Зураб Агәмаа икандидатура; Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы Гиви Габниа икандидатура; Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы Екатерина Онишьенко лкандидатура.
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы Гиви Габниа икандидатура шьақәдмырӷәӷәаӡеит.