Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

2016 шықәса ҧхынҷкәынмза 19 рзы изҵаҩыз Атәылаҟны ауаажәларра-политикатә ҭышәынтәаларазы Аиқәшаҳаҭра анагӡара иазку Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ипрессмаҵзура азгәаҭақәа

30.06.2017

Атәылаҟны ауаажәларра-политикатә ҭышәынтәаларазы Аиқәшаҳаҭра апунктқәа рынамыгӡара иазку аполитикатә партиа «Амцахара» аизара ду аҟны аоппозициа иҟанаҵаз аҳәамҭа инамаданы хымҧада аилыркаа аҟаҵаразы иаҭахны иҳаҧхьаӡоит абри:

Абарҭ аҳәамҭақәа рыҟны ҳтәылауаа зырҩашьар ауа иҵабыргым аинформациа рылаҳәоуп.

Иарбоу Аиқәшаҳаҭра азырхиареи анапаҵаҩреи инадыркны Аҧсны Ахада иара иҟазшьоу ачҳара аарҧшны, Аҧсны аиҳабыреи аоппозициеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра анагӡара напы аиркит. Иргәалаҳаршәар ҳҭахуп, ҧхынҷкәынмзазтәи аоппозициа амитинг анаҩс хымш рышьҭахь, Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра аламҭалазы, аоппозициа ахаҭарнакцәа, аҵыхәтәан, иқәдыргылеит ҷыдала акадртә ҟазшьа змаз азҵаарақәа. Иара убас Аиқәшаҳаҭра аоппозициатә мчқәа р-Блок иалаз ауаажәларратә еиҿкаарақәа ҧшьба рахьтә руак анапаҵаҩра амап ацәнакит.Убас шакәызгьы, аҳәынҭқарра Ахада Аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит, уи еилеимгаӡакәангьы даауеит.

Аоппозициатә мчқәа р-Блок иҟанаҵаз ажәалагала ала, Аҧсны Жәлар Реизараҟны иқәыргылан Апрокурор хада икандидатура, Ачба З.Ш. Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада имаҵзурахьы далхын.

Рыцҳарас иҟалаз, Аоппозициатә мчқәа р-Блок Аконституциатә ӡбара аӡбаҩцәа ркандидатурақәа ралхра ҭакҧхықәрала иазымнеит. Иқәдыргылаз акандидатурақәа ма аконституциатә закәанҧҵарала ишьақәыргылоу аҭахрақәа ирықәшәом, ма уаанӡатәи рхымҩаҧгашьақәа рзы аӡбаҩцәа рмаҵзурақәа раанкылара азин змамыз, аӡбаҩ истатус иацәтәымыз; мамзаргьы аҵыхәтәаны мап ацәызкыз роуп.

2017 шықәса жәабранмзазы Ахада Апарламент ахәаҧшразы иқәиргылеит Аоппозициатә мчқәа р-Блок ирыдыргалаз аӡбаҩцәа ркандидатурақәа. Кандидатурак аӡбаҩ имаҵурахьы иалхын, егьи акандидатура лаҵарамза 30 рзоуп Апарламент ишьақәыргылоу аҧҟарақәа ирнаалаом ҳәа ианырхынҳәыз. Лаҵарамза 31 рзы Ахада Аоппозициатә мчқәа р-Блок иҟарҵаз ажәалагала ала, Жәлар Реизарахь ахәаҧшырц инаишьҭит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩыс Миканба С.Т.икандидатура.

Агәра ганы ҳаҟоуп, аоппозициа ахаҭарнакцәа аӡбаҩцәа рмаҵзурақәа рышҟа акандидатцәа ралхра хаҭабзиарала, ҭакҧхықәрала иазнеизҭгьы, иахьа Аконституциатә ӡбара ашьақәыргылара хыркәшазаарын.

Аоппозициатә мчқәа р-Блок ахаҭарнакцәа рахьтә ҧшьҩык Алхратә Комиссиа Хада ралаҵара азҵаара аганахьала: Аиқәшаҳаҭра ари апункт нагӡоуп, АКХ иалаҵоуп аоппозициа ахаҭарнакцәа ҧшьҩык. Анаҩс, урҭ руаӡәык «Амцахара» Аҧсны Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатс дықәнаргылеит, уи азакәанҧҵара инақәыршәаны АКХ алахәылаҩ инапынҵақәа аанижьыр акәхеит. Убри ашьҭахь Аоппозициатә мчқәа р-Блок кандидатурак ҩынтә иқәнаргылеит, Апарламент аҩынтәгьы мап ацәнакит. АКХ алахәылаҩ икандидатура Апарламент закәанҧҵарала Ахада иқәиргылароуп ҳәа изламҧхьаӡо ала, Аоппозициатә мчқәа р-Блок АКХ алахәылаҩ икандидатура ҿыц ықәнаргылароуп, адепутатцәа рыбжьы ирҭарц азы.

Иалыршаз Аиқәшаҳаҭра нхарҭәааны анагӡаразы ааҧхьара ҟаҳҵоит Аоппозициатә мчқәа р-Блок ашҟа. 2016 шықәса ҧхынҷкәынмза инаркны иахьа уажәраанӡа Аоппозициатә мчқәа р-Блок иқәдмыргылаӡац Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ икандидатура. Ицәгьамызт, АП «Амцахара» абри азҵааразы агәаанагара еилырганы ирыланаҳәар, избан акәзар аполитхеилак жәабранмзазтәи аилатәараҟны иӡбан апартиа «Амцахара» ахаҭарнакцәа анагӡаратә мчхараҟны аусура мап шацәнакуа азы. Убри аан иаҵшьны иҳәан, аоппозициаҟны амаҵзурақәа рахь акандидатцәа рықәыргылара ахьынӡаҭаху азҵаара ишазыгьежьуа апарламеноттә алхрақәа рышьҭахь. Иаанагома ари - апартиа «Амцахара» Аиқәшаҳаҭра апунктқәак рынагӡара мап ацәнакуеит ҳәа?

Ахада, уаанӡеиҧш, Аиҳабыра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ имаҵзурахьы аоппозициаҟнытә акандидатура ахәаҧшра дазхиоуп. Убри азы Аоппозициатә мчқәа р-Блок рыҩныҵҟатәи ҳәоуеиқәшәарала акандидатура ықәдыргылароуп.

Ауаажәларра-политикатә ҭышәынтәаларазы Аиқәшаҳаҭра иеибгоу политикатә актуп, убри аҟнытә аҳәынҭқарра Ахада аоппозициа ааҧхьара риҭоит Аиқәшаҳаҭра алахәылаҩцәа џьоукы иргәаҧхо амацара акәымкәа, урҭ апунктқәа зегьы ҭакҧхықәрала инарынагӡарц азы.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Кьаразаа» хыхь иазгәаҭоу Аиқәшаҳаҭра ралҵра инадҳәаланы, шәазхьаҳарҧшыр ҳҭахуп Аиқәшаҳаҭра иаҵазҩыз Аоппозициатә мчқәа р-Блок аиҿкаара «Кьаразаа» шрылам.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org