Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Амассатә информациатә хархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы имаҵзуразы, апресс-маҵзура ажурналист изы, аҳәынҭқарратә зинтә усбарҭа ареферент еиҳабы изы иҭацәу аҭыҧ аанкылара иазку аицлабразы алаҳәара ҟанаҵоит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Амассатә информациатә хархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы имаҵзуразы, апресс-маҵзура ажурналист изы, аҳәынҭқарратә зинтә усбарҭа  ареферент еиҳабы изы иҭацәу аҭыҧ аанкылара иазку аицлабразы алаҳәара ҟанаҵоит.

Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, "Апресс-маҵзура - обиективла, ирласны, профессионалла ҳтәылауаа рҟынӡа аинформациа назго, ауаажәларра рҭахрақәа ирласны рықәҿыҭра зылшо усбарҭа хадоуп.
Ахада Иадминистрациа даҽакы еиԥшымкәа, ареспубликаҟны иҵоуроу аԥсахрақәа рымҩаԥгара хықәкыс измоу аҭакҧхықәра ныҟәызго, ззанааҭ иазыҟаҵоу акоманда аиҿкаара иазҿлымҳауп.
Ари аҩыза аҧышәа ҳара аҧхьаҟагьы ҳхы иаҳархәалоит. "Иаарту авакансиатә ҭыҧқәа раанкылара адагьы, аизҳара амҩа иану, апрофессионалцәа ҿарацәа рыла ишьақәгылоу арезервтә кадрқәа реиҿкаарагьы".
Аицлабра аҽалархәразы абарҭ адокументқәа аҭахуп:
- ахатәы арзаҳал
- автобиографиа
- ахаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументи, уи ахҩылааи
- аџьатә шәҟәы, аџьатә шәҟәы ахҩылаа
- апрофессионалтә ма даҽа ҵараиурак шьақәзырӷәӷәо адокументқәа роригиналқәеи рыхҩылааи
- аҭаацәара дшалоуи ахшара шимои зырҵабыргуа адокумент аоригиналқәеи урҭ рыхҩылааи.
Азеиԥш квалификациатә ҭаххарақәа:

- Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра
- иреиҳаӡоу аҵараиура
- амассатә коммуникациақәа русхк аҟны аусура аџьашықәс (АИХ рымадаразы аусбарҭазы)
- аԥсуа бызшәа адырра (АИХ рымадаразы аусбарҭазы)
  Аинформациа иацҵны аиуразы абри аҭел ахь шәас:
+7(840) 229-75-39; +7(940)775-92-09. Арезиуме нашәышьҭ абрахь: Email: apsny_ahada@mail.ru  Аҭахҳәага алаҵара аҿҳәара: 01.12.2022 ш. 18:00 сааҭ рҟынӡа.
Аквалификациатә ҭаххарақәа рзы еиҳа инарҭбааны аинформациа шәахәаԥшыр шәылшоит иацу адокумент аҿы АА Ахада Иадминистрациа асаит аҟны абри аҭыӡҭыԥ ала: http://www.presidentofabkhazia.org/doc/pozdravlenija/?clear_cache=Y  

Апресс-маҵзура ажурналист имаҵзуразы аҭаххарақәа:   www.presidentofabkhazia.org/upload/iblock/3fc/Prikaz-na-vakantnuyu-dolzhnost-SMI.pdf
АИХ рымадаразы аусбарҭа аиҳабы имаҵзуразы аҭаххарақәа:  www.presidentofabkhazia.org/upload/iblock/4a0/Prikaz-na-vakantnuyu-dolzhnost-SMI.pdf
Аҳәынҭқарратә контроль аусбарҭа ареферент-еиҳабы имаҵзуразы аҭаххарақәа: www.presidentofabkhazia.org/upload/iblock/3fc/Prikaz-na-vakantnuyu-dolzhnost-SMI.pdf


Возврат к списку