09.08.2022
Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьесиа Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа, "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара инапы иаиркит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала, 1992-1993ш.ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьрааан илшамҭақәа рзы, Аҧсни Ҟарачы-Черқьесски реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны илагаламҭақәеи гәацԥыҳәаралатәи ауаажәларратә усуреи рзы Абу-Иусуф Банов 2022ш. лаҵарамза 3 рзы ианашьан "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳтәыла аамҭа уадаҩ ианҭагылаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳ-Республика иашәҭаз адгыларазы. Шәара ҳажәлар ганрацәала шәоыцхраауан, шәрывагылан. Иахьа уажәраанӡагьы иаҳныруеит Шәара иҟашәҵо адгылара. Шәылшамҭақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аҧша" III аҩаӡара шәанашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит. Сара даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аҧсни Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспубликеи рыжәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны шәлагаламҭазы. Ишәыдысныҳәалоит ари аҳамҭа",- ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Абу-Иусуф Банов аҳәынҭқарра анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иусура ахә ҳаракны иахьыршьаз азы.