Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы А.Кәыҵниа А.Кьыркьнаӡе иҭаацәа дрыдныҳәалеит

01.06.2022

Аҳәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы А.Кәыҵниа А.Кьыркьнаӡе иҭаацәа дрыдныҳәалеит

Рашәарамза 1 азы, Аҳәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы хатәгәаҧхарала Донецк амҵан Аҧснынтәи еибашьуаз Алхас Кәыҵниа иҷыдоу аоперациа анагӡараан иҭахаз Ахра Кьыркьнаӡе иҭаацәа аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Алхас Кәыҵниа иазгәеиҭеит Ахра Кьыркьнаӡе апатриот иаша ззуҳәо шиакәыз, уи иҟаиҵаз аҳаҭыр шақәҵатәу.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала аибашьҩы иҭаацәа аплазматә телевизори адискқәа зцу ахәмаргатә мыругеи ҳамҭас ириҭеит.

Ахра Кьыркьнаӡе ҳазҭоу ашықәс мшаҧымзазы дҭахеит. Уи иҭынхеит 13 шықәса инаркны 10 мыз рҟынӡа зхыҵуа хәҩык ахшара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org