30.05.2022
Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика аделегациа дырҧылеит. Аделегациа аилазаараҟны дыҟоуп абаза ҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, Аҧсадгьыл аҿаҧхьа илшамҭақәа рзы "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара занашьоу Олег Еҭлухов, акәашаратә театр "Меркури" абалетмеистер, асахьаркыратә напхгаҩы, Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи зыҽрыҧсазтәыз артист Мураҭ Гагиев, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Муҳарби Тарасунов.
Арҭ амшқәа рзы Аҧсны имҩаҧысуеит Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика акультура амшқәа. Бадра Гәынба асасцәа аҧсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит Акультура амшқәа - ари ҳашьцәа абазақәеи ҳареи ҳаимадаразы зеиӷьыҟам ҵаҵӷәуп ҳәа. «Ҳарҭ жәларык ҳауп, ас еиҧш аусмҩаҧгатәқәа ҳкультура, ҳдоуҳатә еимадарақәа рырҿиара иацхраауеит.
«Меркури» арҭ амшқәа рзы иаанарԥшит иара ахаҿра, акультура, хымҧада, аҧсуа хәаҧшҩцәа гәыблыла ирыдыркылеит", - ҳәа иаҵшьны азгәеиҭеит Ахада Ихаҭыҧуаҩ.
Асасцәа Аҧсны Ахада ихьӡала иҭабуп ахырҳәааит рырҿиара ахә ҳаракны иахьишьаз азы.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика аҳәынҭқарратә филармониа акәашаратә театр «Меркури» артистцәа гәыҧҩык «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьан.
Аиҧылараҟны ирылацәажәан аусеицуреи арҿиаратә еимадарақәеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа жәпакы.
--