24.05.2022
Имҩаԥысит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви реиԥылара.
Бадра Гәынба лаҵарамза 24 рзы Алада Уаԥстәыла Ареспубликахь аныҟәарақәа рҳәааа иҭагӡаны Цхьынвал иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Ара имҩаԥысит Алада Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви иареи реиԥылара.
Алан Елбакиев ахада ихаҭыԥуаҩ изеиҭеиҳәеит адиполматиатә миссиа аусура атәы.
Бадра Гәынба иганахьала ацҳаражәҳәаҩи уи иколлегеи ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа русураҿы.
Бадра Гәынбеи Алан Елбакиеви аҩ-республикак аԥхьаҟатәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.