Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви еиԥылеит.
Бадра Гәынба лаҵарамза 24 рзы Алада Уаԥстәыла Ареспубликахь аныҟәарақәа рҳәааа иҭагӡаны Цхьынвал иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Ара имҩаԥысит Алада Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви иареи реиԥылара.
Алан Елбакиев ахада ихаҭыԥуаҩ изеиҭеиҳәеит адиполматиатә миссиа аусура атәы.
Бадра Гәынба иганахьала ацҳаражәҳәаҩи уи иколлегеи ирзеиӷьеишьеит русураҿы аихьӡарақәа.
Бадра Гәынбеи Алан Елбакиеви аҩ-республикак аԥхьаҟатәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.