Бадра Гәынба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас иалху Алан Гаглоев имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын

Бадра Гәынба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас иалху Алан  Гаглоев  имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас иалху Алан Гаглоев  имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.

Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аҧсны Ахада ихьӡала иҟаҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит.

"Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иҧа!.

Гәыла-ҧсыла ишәыдысныҳәалоит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас шәалхра.

Алхрақәа рылҵшәа Ареспублика иқәынхо ажәлар шәусура иарҭаз ахшьара ҳараки ирыдыжәгалаз аусура ахырхарҭа шрыдыркылази ртәы аҳәоит.

Сгәы иаанагоит, аҳәынҭқарра ахада имаҵзураҟны Шәара шәусура атәыла арҕәҕәара, атәылуааа рҭагылазаашьа аиҕьтәра иазкуп ҳәа.
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаҧстәыла Ареспубликеи рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәыргылоуп. Ҳара ҳаиашьаратә жәларқәа аҧышәарақәа акыр хьӡы-ҧшала ирхысит.

Агәра згоит Шәара шәнапхгарала аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура аҧхьаҟагьы амҽхак шыҭбаахало, ҳажәларқәа реизҳазыҕьара иазку алшарақәа есааира ишрыцҵахало.

Алан Едуард-иҧа, аҭакҧхықәра ду зцу шәнапынҵақәа рыҟны ишәзеиҕьасшьоит аихьӡарақәа, Алада Уаҧстәыла Ареспублика - аизҳазыҕьара".  


Возврат к списку