Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Бадра Гәынба Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа идикылеит

11.10.2021


Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа идикылеит
Аиҧылара иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.
Аиҧылараҿы  ирзааҭгылан цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҿы аҭыҧ змаз ахҭыс  иахылҿиааз аҭагылазаашьа аҭышәнырҭәалара иазкыз азҵаатәқәа.

Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба иколлегацәеи иареи ргәаанагарақәа рҳәеит усуратә ныҟәарала Москва иҟоу атәыла Ахада иаара иазыҧшырц, анаҩс Апрокуратура хада аматериалқәа рыла азыӡба шидикыло.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org