13.09.2021
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҽырзыҟаҵара иазкыз инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа шымҩаԥысуа адунеи аҟны 144 тәыла рҿы, Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы убрахь иналаҵаны. «Алхратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡарала Аԥсны раԥхьатәи ахә-тәылак рыҩныҵҟа иҟоуп, убри аҟнытә аҭакԥхықәра ҳадуп Аԥсны иқәынхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылуаа ргәазыҳәара аарԥшразы иақәнагоу аҭагылазаашьа аԥҵаразы», - иҳәеит Гәынба. Иара иҳәеит Аԥсны абжьыҭира ахьымҩаԥысуа алхратә ҭыԥқәа 9 шыҟоу : Аҟәа ақ., Аиааира амҩаду, аҩ. 33, абжьаратәи ашкол №10 ахыбраҟны, аҟәа ақ., Картозиа имҩа, аҩ. 6, абжьаратәи ашкол № 5 ахыбра, Гагра ақ., В. Арӡынба имҩаду, а. 84, здание Акультура ахан ахыбра, Пицунда ақ., Гыцба имҩа, аҩ. 7, Акульура ахан, Гәдоуҭа ақ., аҩ. 2, абжьаратәи ашкол № 2, Бамбора аҳабла, Абазақәа рымҩа, аҩ. 112, Бамборатәи абжьаратәи ашкол, Очамчыра ақ., Лакоба имҩа, 22 аҩ., абжьаратәи ашкол № 2 ахыбра, Тҟәарчал ақ., Ахақәиҭра Амҩаду, аҩ.28, Д.Гәлиа ихьӡ зху Акультура ахан ахыбра, Гал ақ. Леон имҩа, аҩ. 1, Акультура ахан ахыбра.
Алхырҭатә ҭыԥқәа рыҟны абжьыҭира мҩаԥыслоит 08:00 инаркны 20:00 сааҭ рҟынӡа. Ахада Ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит алхырҭатә ҭыԥқәа шыҟам Гәылрыԥшь, Аҟәа араионқәа рыҟны, иара убас Афон ҿыц ақ. аҟны. «Арҭ араионқәеи Афон ҿыци радминистрациақәа рнапхгаҩцәа хазы адҵа рыҭахоит алхҩцәа еиҳа ирзааигәоу аҭыԥқәа рыҟны рыбжьы рҭиирц азы атранспорт еиҿыркаарц», - иҳәеит Бадра Гәынба.
Уа Алхратә комиссиа хада ахаҭарнак, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов иҳәеит Аҟәа ақ. аҟны алхырҭатә ҭыԥк
Дауртәи мандатк змоу Баикалнҭыҵтәи атәылаҿацә алхырҭатә округ ишаҵанакуа, аҩбатәи – Воронежтәи аобласт Павловтәи мандатк змоу аокруг, Гагре, Пицунда алхырҭатә ҭыԥқәа Самаратәи мандатк змоу аокруг, егьырҭ ахә-ҭыԥк - Ленинградтәи аобласт Всеволожтәи мандатк змоу аокруг ишаҵанакуа.
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны иқәынхо алхҩцәа Литвинов иажәақәа рыла абиуллетенқәа ҩба рыҭахоит: акы 14 партиа рыҟнытә асиа зцу афедералтә, аҩбатәи абиуллетен мандадтк змоу акандидатцәа ртәы. Абжьыҭира аԥҟарақәа, апартиақәа, адепутатрахь акандидатцәа рзы аинформациа зегьы УА АКХ асаит аҟны иҟоуп, иара убас Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа асаит аҟны.
Тҟәарчал Администрациа ахада араион Исидор Дочиа иазгәеиҭеит интернет зегьы рхы ишадмырхәо, ажәлар ирдыруазароуп иқәгылақәоу, иарбан партиақәоу ҳәа. Литвинов иҳәеит алхырҭатә ҭыԥқәа рыҟны ишыҟало акандидатцәа рфотосахьақәа зну аинформациатә плакатқәа.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, иахьа ишышьақәыргылатәу, урыстәылатәи ҳколлегацәа ишиашоу ирымадахо аҭакзыԥхықәу ахақәа. Араионқәеи ақалақьқәеи реиҳабацәа ҳтәыла Ахада Ихаҭыҧуаҩ адырра ирҭеит алхырҭатә ҭыҧқәа ахьынӡеиқәшәо азы. Аҟәа ақалақь ахада иазгәеиҭеит, иқәыргылоу аҳасабтә шеилкаау. "Аиҿкааратә усқәа ҳҽырзыҟаҳҵоит. Ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ашәба арҭ азҵаарақәа зегьы инапы рылакуп. Алхырҭатә ҭыҧқәа рахь ауаа рнагара еиҿкаахоит. Ҳарҭ аиҧыларақәа жәпакы мҩаҧаҳгеит аҩнусбарҭақәеи аҵаратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа алархәны. Ҳарҭ ҳазыҟаҵоуп", - иҳәеит Ешба.
Бадра Гәынба дазҵааит 7-тәи арратә база алхрақәа ахьымҩаҧнаго. Иарҳәеит Бамборатәи алхырҭатә ҭыҧ аҿы рыбжьы шырҭиуа.
Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц иҳәеит, аизарақәа маҷымкәа ишымҩаҧыргахьо. Гагра араион ҩыџьара алхырҭатә ҭыҧқәа рҿы имҩаҧысуеит абжьыҭира. "Техникала зегьы еиқәыршәоуп. Алхыҩцәа рзы атранспорт еиҿкаахоит. Алхрақәа рыҽны ауаажәларратә шәарҭадаразы аҭагылазаашьақәа зегьы аҧҵахоит",-иҳәеит Барцыц.
Гал араион аҟны уажәы аиқәыршәара иаҿуп алхыҩцәа алхырҭатә ҭыҧқәа рахь рнагаразы азҵаара аӡбара.
Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба дазҵааит Гәылрыҧшьи Аҟәеи рраионқәеи, Афон ҿыци алхырҭатә ҭыҧқәа зыҟамло. Ахада ихаҭыҧуаҩ дазҵааит, алхырҭатә ҭыҧқәа рҟны заҟаҩы акомиссиа алахәцәа ҟало. Литвинов иазгәеиҭеит, 7-ҩык инадыркны 15-ҩык рҟынӡа ишыҟоу, Аҟәа 15-ҩык, араионқәа рыҟны еиҳа имаҷҩны.
Аҧсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогиа иазгәеиҭеит, арҭ алхрақәа- Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аус шакәу, иарбанзаалак адәныҟантәи еилагарак шыҟамло. Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ралхратә ҭыҧ хадақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инарықәыршәаны, аҧсуа ган, иаарышьҭуа ажәалагалақәа ирыдгылоуп. " Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә ҭыҧ хада ахаҭарнак Максим Литвинови ҳареи ҳаимадоуп. Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа иҟарҵо азыҳәара ҳадгылоуп. Иахәҭаз аинвентарь еиқәҳаршәеит. Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә ҭыҧ хада есышықәса жәларбжьаратәи анаҧшыҩцәа раҳасаб ала ааҧхьара ҳарҭоит",- иҳәеит Гогиа.
Максим Литвинов иҳәеит, иахьазы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала анаҧшҩык ихьӡ шҳәоу, ашәҟәы дышҭагалоу.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Беслан Ҷкадуа иазгәеиҭеит ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы алеишәеи ашәарҭадареи шеиҿкаау. "Алхырҭатә ҭыҧцыҧхьаӡа 10-ҩык амилициа аусзуцәа иреиҵамкәа иҟалоит, аҳәынҭарратә автоинспекциа аекипаж налаҵаны. Администрациақәа рхадацәеи ҳареи ҳҽеимаҳдоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахь ала аҭакҧхықәра рыдуп- амилициа араионтә ҟәша реиҳабацәа рхаҭыҧуаа. Хымҧада, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала аусқәа сара иҳәаақәысҵоит. Аус ишахәҭоу еиҧш иаҳуеит. Ахада ихаҭыҧуаҩ иҳәеит, аурыс ганахь ала азеиӷьашьара шыҟоу, налҵтәи абжьыҭаразы иҟоу аиҿкаарақәа рзы. Араионқәеи ақалақьқәеи реиҳабацәа рнапы ианиҵеит ҩба-ҩба транспорт еиқәдыршәарц алхҩцәа рзы, иара убас анҭыҵтәи аурнақәа еиҿыркаарц.
Аҵара аминистр Инал Габлиа идҵоуп ашколқәа рыҟны иҟоу алхырҭатә ҭыҧқәа рҿы асанитартә ҭагылазаашьа ахылаҧшра. Урыстәылатәи аган, алхҩцәа аҩыгақәеи хаҭалатәи ахыхьчагақәеи рыла еиқәдыршәоит.