Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит аԥснытәи аделегациеи Нижегородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Саносиани реиԥылара

21.08.2021

Имҩаԥысит аԥснытәи аделегациеи Нижегородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Саносиани реиԥылара

Нанҳәамза 22 рзы имҩаԥысит аԥснытәи аделегациеи Нижегородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Саносиани реиԥылара.
Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Нижни Новгород 800 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Андреи Саносиан иҭабуп реиҳәеит Нижни Новгород 800 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәразы.

«Сынтәа 10 шықәса ҵуеит Нижегородтәи аобласти Аԥсни рыбжьара аусеицуратә еимадарақәа рышьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуижьҭеи. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳрегион иашәҭо азҿлымҳаразы, 800-шықәсахыҵратә иубилеи иазку ҳныҳәа ҳацеиҩышәшарц ахьышәҭаххаз азы»,-иҳәеит Андреи Саносиан.

Алхас Кәыҵниа Нижегородтәи аобласт анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит асасдкыларазы. Иаҵшьны иҳәеит аусхкқәа жәпакы рыҟны аусеицура иамоу аҵак ду. «Ҳара урҭ рырҭбаареи рырӷәӷәареи ҳазхиоуп», - иҳәеит Кәыҵниа.

Аиԥылара аԥсуа ган аҟнытә иалахәын:

Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ  Алхас Барцыц,  Пицунда ақ. Администрациа ахада Руслан Хәынҵариа, Нижни Новгород иҟоу ҳаҭыр змоу АА Владимир Литвинчук.

Урыстәылатәи аган аҟнытә: Афедерациа асубиектқәа, апарламент, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә еидгыларақәа рымадаразы адепартамент адиректор Семион Григориев, Нижни Новгород иҟоу Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахаҭарнак Сергеи Малов, Нижни Новгород ақалақьтә Дума ахантәаҩы Олег Лавричиов,  Нижегородтәи аобласт аиҳабыра адәныҟатәи аимадаразы адепартамент адиректор Ольга Гусева, аҭыԥантәи ахаланапхгара Ахада Бор Алексеи Боровски,  ақалақьтә муниципалтә раион аҭыԥантәи ахаланапхгара Ахада Александр Мудров.

Хымш имҩаԥысуаз авизит аҩныҵҟала аԥснытәи аделегациа Нижни Новгород 800 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын, иара убас ирбеит ақалақь иналкаау аҭоурыхтә ҭыԥқәа.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org