21.08.2021
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа хадара ззиуа Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Нижегородтәи аобласт ахь рвизит аҳәаа иҭакны, нанҳәамза 21 рзы иаҭааит Аурыс Патриархиа Амузеи, Ацқьа Николаи ихьӡ зху аҳәса рмонастыр, Ацқьа-Хаӡәктәи Серафим-Дивеевтәи амонастыр.
Аусмҩаҧгатәқәа дрылахәуп Афедерациа асубиектқәа, апарламент, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә еидгыларақәа рымадаразы адепартамент адиректор Семион Григориев.
Убри аҽны аҧснытәи аделегациа аҭааит иара убас П. Пландин ихьӡ зху Арзамассктәи априборҟаҵарҭа зауад.
Аҧснытәи аделегациа амҩаҧгаразы ирыцуп Нижегородтәи аобласт аиҳабыра адәныҟатәи аимадаразы адепартамент адиректор Ольга Гусева, Нижни Новгород ақалақьтә Дума ахантәаҩы Олег Лавричиов.
Иара убас, аҧснытәи аделегациа Нижни Новгород 800ш. ахыҵра иазкыз аныҳәа мҽхакыҭбаала азгәаҭара иалахәын .