Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Бадра Гәынба аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит Аҧсны атәылауаа рҭаҩра иазку азҵаарақәа ирызкны

10.08.2021

 Бадра Гәынба аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит Аҧсны атәылауаа рҭаҩра иазку азҵаарақәа ирызкны

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит Аҧсны атәылауаа рҭаҩра иазку азҵаарақәа ирызкны, иааиԥмырҟьаӡакәа Аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ  инхо (абазақәа, хатәгәаҧхарала еибашьуаз, арепатриантцәа) .

Аилатәара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы  ихаҭыҧуаҩ Саида Быҭәҧҳа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ-ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аиҳабы Беслан Ҷкадуа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  атәылауаҩшәҟәы аусбарҭа   аиҳабы Беслан Бигәаа, Аҧыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба.

Ахада Идҵеи административтә ҧынгылақәа реиҵатәразы абаза уаажәларра рхаҭарнакцәа иҟарҵаз ааҧхьареи инарықәыршәаны, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыли дареи рзинтә еимадара  арӷәҭәара хықәкыс иҟаҵаны, ирыхәаҧшын  Аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ иааиԥмырҟьаӡакәа инхо атәылауаа Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа рҭаҩра азинтә ҳәаақәҵара иазку азҵаара.

Аиҧылара аихшьалақәа рыла Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба алахәцәа адҵа риҭеит, иара убас  аҭакҧхықәра зду аусбарҭақәа  мчыбжьык иалагӡаны ҩрала ажәалагалақәа аздырхиарц иазгәаҭоу азҵаара аӡбаразы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org