10.08.2021
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба еицырдыруа урыстәылатәи аскульптор, Урыстәыла асахьаҭыхра академиа академик, Урыстәылатәи асахьаҭыхра академиа Аладатәи арегионтә ҟәша ахантәаҩы, Аладатәи афедералтә университет апрофессор Сергеи Олешниа дидикылеит.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, акультуреи анаукеи рызҵаарақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Сергеи Олешниа Аԥсныҟа дааит Витали Џьениа Урыстәыла асахьаҭыхра академиа аҳаҭыр змоу алахәҩы идиплом ианашьаразы.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит ҳтәыла аҵак ду шамоу Академиа аҳаҭыр змоу академик ҳәа ахьӡ раԥхьаӡакәны аԥсуа сахьаҭыхҩы ишихҵахаз. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ари урыстәылатәи акультуреи аҟазареи русзуҩцәеи аԥсуа ҟазацәеи зҩаӡара ҳараку русеицура иарбаганы ишыҟоу.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәыла Аладатәи афедералтә университети рыбжьара аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи акыр шыҵуа, иҳәеит аԥхьаҟагьы урҭ аҿиара шроуазы агәра ганы дшыҟоу.
Академик Олешниа иганахьала иҳәеит Урыстәыла асахьаҭыхра академиа Урыстәыла арегионқәа рыҟны ацәыргақәҵақәа реиҿкаара аус аҟны ганрацәала аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа ацхыраара рыҭара ишазхиоу.