15.07.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Тҟәарчал араион аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа араион аҿы имҩаԥигаз аилацәажәараҟны ицын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанба.
Аусуратә еилацәажәараҟны иқәгылан аепидемиологиатә ҭагылазаашьеиԥш, афымцамч ахархәара, изакәанымкәа аус зуа акриптофермақәеи урҭ ирҿагыланы ақәԥареи, ашәахтәқәа реизгара, аҵарашықәс ахыркәшара ҳәа ирызкыз азҵаарақәа жәпакы.
Тҟәарчал араион Администрациа ахада Исидор Дочиа аилацәажәара иалахәыз адырра риҭеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аарԥшразы аусқәа шымҩаԥысуазы.
Ажьырныҳәамза 14 инаркны ԥхынгәымза 14-нӡа Тҟәарчал араион аҟны иаарԥшуп изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку 23 обиект. Амыругақәа зегьы рыбганы араион иалганы игоуп. Урҭ рзеиԥш мчхара иартәон 7920 кВт.
Араион аҟны афымцамч ахархәаразы ззин ыҟоу анорма иартәоит 10 мВт инарзынаԥшуа, иахьазы иныхуп 9 мВт. «Аҳәынҭқарра ҳаргылар ҳҭахызар, азакәан ҳақәныҟәароуп. Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуа апроцессқәа зегьы азакәан шьаҭа рымазароуп», - иҳәеит Дочиа.
Тҟәарчал араион Афымца станциа аиҳабы Вахтанг Харчлаа излаиҳәаз ала, ҵыԥхтәи ашықәс азы нанҳәамза инаркны 11 мза рыҩныҵҟа Арегионтә иаку анаплакы «Амшынеиқәафымцамч» Тҟәарчалтәи афилиал аусуҩцәа рыла иаҿыхуп 28 ҭыԥ рыҟны амыругақәа. Ақалақь аҟны ирымхуп мгаваттк амчхара змоу 336 аппарат, иара убас атрансформаторқәа хԥа. Иахьазы амыругақәа раҿыхразы имҩаԥгоу абри аусура иабзоураны афымцакаҭа 11 мВт рҟынӡа аидарақәҵа ақәхуп.
Аекономика аминистр дазҵааит иаанкылоу аппаратқәа зегьы рхабар, иахьышьҭоу. Харчлаа иҳәеит еимыху амыругақәа 80% араион ишалгоу, иаанхаз звольт ҳараку ацәаҳәа ишаҿыху.
Уажәы ақалақь афымцамч ахархәара амҽхак азы Озган лызҵаара аҭак ҟаҵо, иара иҳәеит: «Иахьа ақалақь аҟны хархәара амоуп 5,5 мВт, араион ақыҭақәа рыҟны - 3,12 мВт, иааизакны ираион зегьы аҟны - 8,62 мВт» ҳәа.
Алхас Кәыҵниа иазгәеиҭеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара афактқәа раарԥшразы аусура шырԥсыҽтәым, аппаратқәа еиҭа раҿакра шалыршатәым. «Ҳара азакәан еилазго аусура ҳаҿагылароуп. Амаининг атема уадаҩуп, иара уажәакәӡам ианцәырҵыз, уи 5 шықәса раԥхьа ицәырҵит. Усҟан амыруга алагалара мап ацәкызар акәын, аусура аанкылара мацара азхаӡомызт», - иҳәеит иара.
А. Кәыҵниа иазгәеиҭеит ауаа ахныҟәгаразы амаинингқәа шаархәаз, акриптовалиута алаҳарҳәап ҳәа, аха «иахьа афымцакаҭа иаиууа аидарақәҵа дуӡӡоуп, арахь инаҳхыз афымцамч азы ауал ду ҳақәуп, иаанкылатәуп ари аусура хкы, зынӡа фымцада ҳнымхарц азы. Уаҳа даҽа мҩакы ыҟаӡам» ҳәа.
Кəыҵниа дазҵааит иара убас араион аҟны афымцамчы ахə ашəара аҭагылазаашьа зеиҧшроу.
1917 ш. раахыс Тҟəарчал араион афымцамчы азы иақəыз ауал иартəоит 22 млн.193 нызықьи мааҭ: араион ақыҭақəа ирықәуп 12 млн.116 нызқьи мааҭ , ақалақь- 10 млн.77 нызқьи мааҭ. Араион ақыҭақəа рыҟны ишәоуп -70% рҟынӡа, ақалақь аҿы - 20% еиҳаӡам,-иҳəеит Харчлаа, иагьазгəеиҭеит агәаҭаҩцəа шазымхо, ауалафахəы ахьмаҷу иахҟьаны ауаа ари аусурахь ишымцо.
Араион аҟны еизырго ашəахтə азы ажəахə ҟаиҵеит ашəахтəтә инспекциа аиҳабы Џьон Аршба. Тҟəарчал араион аҟны шықəсыбжак аҩныҵҟала ашəахтəқəа реизгаразы аплан нагӡоуп 107% . “Ҵыҧхтəи ашықəс иаҿҳарҧшуазар, 1млн. 473 нызқь мааҭ рҟынӡа еиҳауп. Ашəахтə хкқəа зегьы рзы арбага нагӡоуп, ахашəала ашəахтə алаҳамҵозар”, - иҳəеит Аршба.
Ахашəалахəытə шəахтə аизгара раҧхьатəи ашықəсбжа иартəеит 106%, ашəахтə ҷыда-128%, апатент азы ашəахтə-122%, амазаразы ашəахтə-129%, Изыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә - 174%, адгьыл азы ашəахтə -115%.
Араион аҟны ашəахтəшәаҩцәа зегьы рзеиҧш уал иартəоит 27 млн.мааҭ. “Иҟоуп фирмақəак аиҭашəҟəҭаҩра иахымсыц, урҭ ауалгьы рықəхеит. Аинкассатə дҵақəа ықəыргылоуп, алҵшəақəа ыҟоуп, еиҳаракгьы ауаҩытәҩсатә хаҿқəа рзы”, - иҳәеит Аршба.
Араион аҟны ашəахтə азы зегь реиҳа ауал зқəу наплакуп “Тҟəарчалрацəа”. 2017ш. анҵəамҭазы 2018ш. алагамҭазы ауал иартəон 1млн.650 нызқьи мааҭ, урҭ рахьтə 350 нызқь мааҭ адгьыл ашəахтə иазку. Иахьа ауал иартəоит 12 млн.589 нызқь мааҭ, урҭ рахьтə 1млн. 732 нызқьи мааҭ адгьылтə шəахтəуп.
Ашəахтəқəеи аизгақəеи рминистр Џьансыхə Нанба излазгəаиҭаз ала, ауал зқəу инарымаданы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, аха амаҵзура еснагь урҭ рганахь ала аусура иаҿуп.
Анаҩс, аизараҟны араион аҿы иҟоу аепидемиалогиатə ҭагылазаашьа иалацəажəеит. Тҟəарчал араион асанитартә епидемиалогиатə станциа аҳақьым хада Нана Нарманиаҧҳа иазгəалҭеит, ажьырныҳəамза инаркны короновирустə чымазараҿкы 404-ҩык ишрыхьхьоу.
“Ҳазҭагылоу аамҭазы араион аҟны 78-ҩык чмазҩцəоуп. Аепидемиалогиатə ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны аҧкрақəа алагалоуп. Асанепидемстанциеи азинхьчаратə усбарҭақəеи азеиҧшкрыфарҭақəа 13 хыбра ирхысын, ргəырҽанҵеит ахыбрақəа рыҩныҵҟа аҭааҩцəа рыдымкыларазы, иара убас асабрадақəа рҿаҵаразы, асоциалтə дистанциа рыбжьаҵаразы”, - лҳəеит Нарманиаҧҳа.
Араион аҟны авакцина раҧхьатəи акомпонент «Sputnik V» рыларҵеит 448-ҩык, аҩбатəи акомпонент 290-ҩык ироуит.
Тҟəарчалтəи ареспубликатə хəышəтəырҭа хада аҟны амбулаториатə ҽыхəышəтəра иахысуеит акороновирустə чымазараҿкы змоу 26-ҩык апациентцəа, ҽынлатəи астационар -30, астационартə ҽыхəышəтəраҟны 15-ҩык ыҟоуп.
“Аҭагылазаашьа шыҟоу иаанхар, амедикаментқəа ҳазхаӡом”, - лҳəеит аҳақьым хада Лали Гаргəлиа. Иара убас иазгəалҭеит, Тҟəарчалтəи ахəышəтəырҭа хада аковидтə ҟəшаҿы аус зуа аҳақьымцəа ҩымз инареиҳаны руалафахəы шырмоуц.
Араион аҟны иҟоу акриминогентə ҭагылазаашьа атəы иҳəеит Аҩныҵҟатəи аусқəа русбарҭа аиҳабы Арсен Биџьев. Иара иазгəеиҭеит, аҭагылазаашьа шҭышəынтəалоу.
Тҟəарчал араион ахьӡала Жəлар Реизара адепутат Омар Џьынџьал иқәгылараҿы иҳәеит араион аҟны иҟоу ауадаҩрақəа ртəы, убри аан ахəышəтəырҭа аартра аҭахны ишыҟоу, аинвестпрограмма араион аҿиара иазаунажьыз 100 млн. рҟынтə 35 млн. мааҭ рҟынӡа ишагырхоу атәы.
«Тҟәарчал ақ. амҩа хада акаҭран ықәӡам, ирҽеитәуп Бедиа ақыҭахь инагоу амҩа 1000 ԥшьыркца метра раҟара. Аусурҭа ҭыԥқәа аԥҵалатәуп. Аџьырмыкьазы имҩаԥысуаз аусура аҵыхәтәанынӡа инагатәуп», – иҳәеит Џьынџьал.

Уи иаҵшьны иҳәеит араион аҟны атуризм аҿиара излалагаз ала, амҩақәа рыҟаҵара аҵакы. 14 км инарзынаԥшуа амҩа ҟаҵатәуп араион аҟны еицырдыруа атуристтә обиектк ашҟа инагоу, убасҟан атуристцәа рхыԥхьаӡара 100-нызқьҩык рҟынӡа иазҳар шауа.
«Ари 300-400 рҟынӡа аусурҭатә ҭыԥқәа ҟанаҵон, араион аԥсы ҭаларц азы ицхыраагӡа духон. аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыҩныҵҟала ақалақь ауааԥсыра алҵны ицеит, ари атенденциа иахьагьы иҟоуп», – иҳәеит адепутат.
Адепутат ииҳәаз аҭак ҟалҵеит Кристина Озган. Уи илҳәеит Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аргыларазы аусура, шамахамзар, ишхыркәшоу. «Аинвестпрограммазы иҟаҵоу азгәаҭақәа ҵаҵӷәыдаӡам. 2023- 2025 шықәсқәа рзы апрограмма ашьақәыргылараан шәызлацәажәаз азҵаарақәа ҳасаб рзухоит. Бедиа ақыҭа амҩа еиҭашьақәыргылахоит. Амҩа хада азҵаара знапы алаку Амҩатә фонд ауп, урҭ иналак-алакны ажрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа реиҭашьақәыргыларазы аусура мҩаԥыргоит», – лҳәеит Озган.