Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аицлабра "Аԥсны агәадура-2020" аҟны аиааира згаз Саид Беиа АА Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩыс даҭоуп

25.02.2021

Аицлабра "Аԥсны агәадура-2020" аҟны аиааира згаз Саид Беиа  АА Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩыс даҭоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба инапы аҵаиҩит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра «Аԥсны агәадура – 2020» аҟны аиааира згаз Саид Беиа Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩыс иаҭаразы адҵа.  

С. Беиа инапы ианҵоуп аҵараиура аҭагылазаашьа, атәыла арҵаҩратә еидгылара аԥҟара иазку аналитикатә материалқәа разырхиара, Аԥсны аҿар зызҿлымҳау, проблемақәас ирымоу инамаданы асоциологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара.  

Аицлабра "Аԥсны агәадура-2020" аҟны Саид Беиа аицлабра иалахәыз рыҩныҵҟа ахыркәшаратә лкаа аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org