Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациаҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә политика ихадароу ахырхарҭақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку Ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ аилатәара. Аилатәараҟны ишьақәырӷәӷәан агәыԥ аусуразы аԥҟара.
Аилатәара аартуа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ, аусуратә гәыԥ ахантәаҩы Бадра Гәынба иҳәеит: «Ари аусуратә гәыԥ иалалеит аԥышәа змоу ауаа, урҭ рыбжьара иҟоуп абизнесуаа-реидгылақәа рхаҭарнакцәа, аҵарауаа, аекономика, абанктә система ахырхарҭақәа рыҟны аекспертцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа. Шәара ижәдыруеит аибашьра ашьҭахь акырынтә аҽазышәарақәа шыҟаз ас еиԥш иҟаз аусуратә гәыԥқәа раԥҵареи реиҿкаареи рзы, аха урҭ русура алҵшәа зегьы иаҳдыруа ауп. Ари аус знапы алакыз ауаа ирзынархоу ҽԥныҳәаӡам.
Аха иҟоуп ҳекономика аҿиара алзмыршо иобиективтәу амзызқәа. Шықәсқәак инарзынаԥшуа аконцептуалтә документқәа аус рыдулара ҳаҿын, аха рыцҳарас иҟалаз, ақьаад аҟны ауп иахьынхаз. Сгәы иаанагоит иазгәаҭоу апланқәа рзы ашьаҿа ҿыцқәа рыҟаҵара иаамҭоуп ҳәа.
Агәыԥ аусура шықәсыбжак иҭагӡаны инагӡатәуп, ус анакәымха, аамҭа ҳацәцоит, иаргьы аимак-аиҿак ашҟа ииасуеит, аусура алҵшәа анаҭом».
Гәынба иажәақәа рыла, аусутә гәыԥ уснагӡатәны аҿаԥхьа иқәгылоуп ҳәа аҳәынҭқарра аекономикатә политикаҟны еиҳа лыҵшәа змоу, ихадароу ахырхарҭақәа ралкаара, уи ахәаԥшразы Ахада ишҟа анагара, иара дҵак аҳасабала еиқәиршәоит, анаҩс иазԥхьагәаҭоу апланқәа рынагӡразы аҿҳәара иалацәажәахоит.
Аусуратә гәыԥ алахәцәа зегьы ажәалагалақәа ҟарҵеит Аԥсны аекономика аҿиаразы иахадароу ахырхарҭақәа ралкааразы.
Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит аҳәынҭкарратә-хатәы усеицуразы азакәан аус адуларазы, уи игәаанагарла аинвестициа адыԥхьаларазы ицхыраагӡахоит. уи инструмент бзиахоит. Иара убас ирыдигалеит апроектқәа рынагӡараан абанкқәа рҳәаақәҵаразы апроектә финансзоужьра алагаларазы.
ААУ аекономикатә теориа акафедра анапхгаҩы, адоцент Александр Страничкин ажәалагала ҟаиҵеит аинвестициақәа радыԥхьаларазы ақалақьыргыларатә закәанеидкыла аԥҵаразы. Страничкин излаиԥхьаӡо ала, анефт апроблема ӡбатәуп: «Ҳара анефт ҳамазар, иаҳдыруазарц ахәҭоуп иҵаҳхло, мамзаргьы иҵҳамхло». Иара игәаанагарала, адунеитә ԥышәа излаҳнарбо ала, анефт аҿиаразы алашара дуқәа унаҭоит.
Азеиԥш урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара имаҷуи абжьаратәи наплакра «Опора России» азы ахада актәи ихаҭыԥуаҩ аиҳабы Павел Сигал ирабжьигеит аинвестициатә ҭагылазаашьа бзиа ашьақәыргыларазы алшарақәа раԥҵара: «Аԥсны ахьмаҷу иабзоураны аӡбамҭақәа зегьы иаарласны рыдкыларазы аԥыжәара амоуп. Аҳәынҭқарра аҿиараҟны сара изласыԥхьаӡо ала, ихымԥадатәиуп аинвестициа адԥхьалареи ахьчареи рзы аинститутқәа раԥҵара. Ас еиԥш иҟоу мыруганы иҟалар алшоит аҿиаразы акорпорациа, уи аструктура иҷыдоу азакәан иҳәаақәнаҵароуп. Иара убас, абанктә система ԥсахны, абанкқәа рыла зыхә мариоу аурыс ԥара алагалатәуп. Иԥсахзароуп ашәахтә система. Аҳәынҭқарра атуризм аганахьала абизнес маҷ аҟынтә еизгоу ашәахтә маҷқәа иандыргәамҵуа, аҳәынҭқарратә корпорациақәа инагӡаны ирымшәаз ашәахтәқәа амиллиард мааҭкәа артәоит». Сигала игәаанагарала, «анефт аҵхразы ахыҭхәыцаарақәа ҳарҟәаҵып», аҿиара рыҭатәуп хыхь иҟоу, атуризм, ақыҭанхамҩа, ачыстә ааглыхра, амшынтә аалыҵқәа.
Аҳәынҭқарратә кадастртә палата адиректор Давид Ирадиан иазгәеиҭеит еиҭамҵуа амал адԥхьаларада аинвестициатә еикәшара шзыҟамло: «Адгьыл-мазаратә еизыҟазаашьақәа рҭыԥ иқәҵатәуп. Аԥара ахыҵхырҭа еснагь аԥшаара алыршахоит, уи азы аҭагылазаашьақәа аныҟала. Дарбан инвесторзаалак еиҭамҵуа амал ахь илагала ҟаиҵаӡом, хатәык аҳасабала ахархәара амуазар. Аинвесторцәа еиҭамҵуа амал зынӡа рыҭара хымԥатәымзар алшоит, иҟалоит ахәҭаа алагаларала аҽалархәра».
Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Виачеслв Чрыгба ажәалагала ҟаиҵеит аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиаразы амодель аԥҵаразы. Убри аан иазгәеиҭеит, «амаланыҟәа аԥҵара шаҭахым», иҿиоу атәыла маҷқәа рԥышәа аиагара шыҟало. Чрыкба игәаанагарала, аԥсуа економика аҟны зегь реиҳа ипроблеманы иҟоуп аконсерватизм, аӡәгьы агәаӷьра, нас аԥсахрақәеи ралагалара иҭахӡам, аԥсахра аҭахуп, аиҭакрақәа аныҟамла адунеи акыр ҳаҵахоит. Убри аҟынтә акрааҵуеит Аԥсны ахырхарҭақәа зегьы рҿы аиҭакрақәа рыла еимгәоуижьҭеи, уаҳа урҭ ахылымҵит. Даҽа проблемакны иҟоуп аменеџьменти аконсалтинги русхк аҟны аинетеллектуалтә ресурсқәа рыҟамзаара».