Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Урыстәыла Ацҳаржәҳәаҩ дидикылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Урыстәыла Ацҳаржәҳәаҩ дидикылеит

Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа  Ацҳаржәҳәаҩ Алексеи Двинианини реиԥылара.
Аиԥылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Аиҿцәажәараан иазааҭгылан лассы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы Акомиссиа аилатәара.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ адырра ииҭеит Акомиссиа аусура алҵшәақәа рзы.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Акомиссиа аусура мҩаԥысуеижьҭеи  2010 шықәса инаркны ишрыхәаԥшу 369 арзаҳал. Урҭ рахьтә 66 рзаҳал алазҵаз рзыҳәарақәа нагӡоуп, урҭ рҟынтә 32 аӡбареи аӡбараҟынӡа инамгакәа рзыҳәарақәа шынагӡоу. Ацки даҽа нхарҭаки рыҭоуп арзаҳал алазҵаз 34 тәылауаак, 60-ҩык ирабжьгоуп аӡбарҭахь адҵаалара, арзаҳалқәа 44 ҵаҵӷәыдақәоуп ҳәа иазхаҵоуп. Арзаҳалқәа 183 Акомиссиа алшарамчы иаҵанакӡом, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аҳәынҭқарратә фонд аҟнытә анхарҭа рыҭара мамзаргьы рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы идҵаалаз.
  
Ахада Ихаҭыԥуаҩ иҳәеит ақырҭуа милаҭра змоу ахаҿқәа, мамзаргьы 1992-1993 шш. Аԥсны аҳәынҭқарратәра иаҿагылаз аибашьратә хҭысқәа ирылахәыз ахаҿқәа рганахьала урҭ рызҵаара Акомиссиа ахәаԥшраны ишыҟам. Аилатәара иалахәыз зҿлымҳара аҭаны арзаҳалқәа зегьы. «Ари аганахьала ҳара ҳпозициа аҽеиҭанакӡом», - иҳәеит Бадра Гәынба.

Ахада Ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит урыстәылатәи АИХ џьоукы милаҭла иаурысу ауааԥсыра рмазаратә зинқәа массала реилагара ыҟоуп ҳәа ирымоу агәаанагара. Бадра Гәынба иаҵшьны иҳәеит анхамҩатә еимакқәа аетностә ҟазшьа шрымам.  
  
«Сара Ахада Ихаҭыԥуаҩ иаҳасабала, ари Акомиссиа напхгара асҭоит. Агәра ганы исҳәоит ари Акомиссиа аус ауанаҵы арзаҳал алазҵази Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра зыдызкылази рахьтә 50% аурыс милаҭра змоу ауааԥсыра шракәу», - иҳәеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ.
Уи иара убас иҳәеит Аԥсны иҟоу 153 школ рыҟнытә  аурыс школқәа 55 шыҟоу, 16 школ рыҟны аурыс школ секторқәа шаарту. Аԥсны аус шыруа аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара, атәылауаҩратә уаажәларра аҿиара активла иалахәу  аурыс уаажәларратә еиҿкаарақәа жәаба инареиҳаны.

Ахада Ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ателехәаԥшратә дырраҭарақәеи АИХ  акьыԥхьымҭақәеи рыҟны амазаратә зинқәа реилагара ыҟоушәа аҳәамҭақәа (шәкыла, зқьыла арзаҳалқәа ыҟоушәа) обиективра шрымам.

Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит АКомиссиа аусура аиҭахацыркразы, иҳәеит уи аусура иацҵаны конструктивла аҽалархәра дшазхиоу.  



Возврат к списку