05.10.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа напхгара ззиуа Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Дамаск инеит жьҭаарамза 4 руха.
Аделегациа аилазаараҟны иҟанАхада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Қаџьаиа З.Ф., Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Џьынџьал О. К., Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ақаҩба Д.В., Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара министр истатс маӡаныҟәгаҩ, ихаҭыԥуаҩ Ԥлиа Н.И, Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент Аиҳабы Алшәындба И.З., Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Мерцхәлаа Т.В., Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада ихаҭыԥуаҩ Гагәлиа А.Г., КБ «Амра-Банк» ахеилак Ахантәаҩы Чалмаз М.Р.
Аделегациа авизит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны официалла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа жьҭаарамза 6 рзы аартра иадҳәалан.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Аԥсуа делегациеи Шьамтәыла Анапхгареи Аиҳабыреи ҩ-ганктәи реиԥылара.