Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Ахада Иусҧҟа ала Администрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс иаҭоу Џьансыхә Нанба аколлектив дыдирдырит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Ахада Иусҧҟа ала Администрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс иаҭоу Џьансыхә Нанба аколлектив дыдирдырит.
«Џьансыхә Едуард-иҧа, акономикеи афинансқәеи русхк аҟны аспециалист, аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аҧышәа ду имоуп. Лыҵшәазмоу аусеицураҟны ҳиқәгәыҕуеит», – иҳәеит Алхас Кәыҵниа.
Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ имаҵура ҿыц аҟны аихьӡарақәа изеиҕьеишьеит.
Џьансыхә Нанба иганахьала, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит ииҭаз агәрагаразы, иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиаразы рҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатә анагӡараҟны илшо зегьы шыҟаиҵо.