Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыц иҟаиҵаз аҳәамҭаҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхареи, азеиҧшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәара алыршареи ҳасаб рзуны имаҵура ааныжьра инамаданы, аҳәамҭа ҟасҵоит Аҧсны  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ имаҵура шаансыжьуазы».



Возврат к списку