09.01.2020
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахада хатәгәаҧхарала имаҵура ааныжьра иазкны ааҧхьаразы иаднакылаз ақәҵара инадҳәаланы, Ахада ипресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аҳәамҭа атекст аҟны иҳәоуп:
«Апарламент иаднакылаз аҳәамҭаҟны – аҧхьаҟа аҭышәнымтәалара ацәцаразы ҳәа иарбоу ахықәкы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩыр, атәылаҟны зырҽеира алымшо аҭагылазаашьахь инанагар алшоит.
Аоппозициа ахаҭарнакцәа изныкымкәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аихшьалақәа ишырзыҧшуа, азинтә ҳәаақәа ирҭыҵны рхы шымҩаҧырымго азы. Аӡбарҭа аганахьала рҭахрақәа лыҵшәа шырмоуа еилкааны, аоппозициа шьаҭанкылатәи аметодқәа рышҟа ииасит.
Азеиҧшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәара алыршаразы, аҭынчра аиқәырхаразы Ахада азҵаарақәа зегьы еиҿцәажәарала рыӡбара аҭахуп ҳәа иҧхьаӡоит».