Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Беслан Барцыц Гал араион Администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо аколлектив дыдирдырит

09.12.2019

Ҧхынҷкәынмза 9 рзы Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Барцыц Гал араион Администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба аколлектив дыдирдырит.

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла анапхгара ахьӡала Ҭемыр Хәыхәыт-иҧа иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Гал араион ахадараҟны иҟазаараан ақалақьи иааизакны араиони ирымоу аихьӡарақәа рзы.  Гал араион аҟны хәышықәса раҧхьа иҟаз асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа, аинфраструктуратә проектқәа, акультуреи аҵараиуреи рызҵаарақәа даҽа ҩаӡарак ахь ихагалоуп. Иахьа араион аҧхьагыларатә позициа ааннакыло иалагеит.  2014 шықәсазы  араион абиуџьет  119 миллион мааҭ ыҟазҭгьы, шәара зегьи анапхгаҩы Ҭемыр Надариеи ирыбзоураны арбагақәа ҩынтәны еиҳахеит. 2019 шықәсазы 200 миллион мааҭ иреиҳахоит. Ҳара иаҳбоит Гал шыҟази уажәы ишыҟалази», – иҳәеит  Беслан Барцыц.

Ҭемыр Надараиа иҭабуп реиҳәеит иусура ахә ҳаракны иахьыршьаз азы.  

«Араион ауааҧсыра зегьы рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иасҳәоит исиҭаз адгыларазы, хәышықәса рыҩныҵҟала иҳамаз апроблемақәа зегьы ириҭаз азҿлымҳаразы. Сгәы иаанагоит Администрациа ахада ҿыци араион ауааҧсыреи сара саан еиҧш реизыҟазаашьақәа шьақәгылап ҳәа. Иара апринципра злоу, аҧышәа змоу напхгаҩуп. Агәа згоит Гал  уажәтәи арбагақәа иреиҳаны иаиуеит ҳәа», – азгәеиҭеит Ҭемыр Надариа.  

Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы иара убас Гал араион Администрациа Ахада ҿыц инапынҵақәа назыгӡо изеиҕьеишьеит аихьӡарақәа.  

Омар Бганба иҳәеит раҧхьа иргыланы, ақыҭатә администрациақәа рхадацәеи араион ақыҭақәа зегьи алархәны аиҧыларақәа шымҩаҧиго.  

«Иҟоу алшарақәа зегьы араион азы хархәара аҳҭароуп. Аҧхьатәи амш инаркны араион зегьы салсыр сҭахуп, ақыҭақәа рхадацәеи активқәеи сырҧылар сҭахуп, уадаҩрақәас иҟоу еилкааны цхыраарас ираҳҭо ҳалацәажәарц азы. Аҧхьаҟа ҳҿаҧхьа иқәҳаргыло азҵаарақәа рыӡбара ҳалагоит», – иҳәеит Омар Бганба.




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org