27.11.2019
Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыци Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакиеи Аҟәа иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ӷәҭәала ахәра зауз Доминика Ақырҭаа илҭааит, лара дышьҭоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәшаҿы.
Амедицинатә усбарҭеи Ареспубликатә наплакы «Аҧсныформациа» анапхгареи адҵа рыҭоуп зыҧсҭазаара ашәарҭара ду иҭагылоу Доминика Ақырҭаа лгәабзиара ацхрааразы ирылшо зегьы ҟарҵарц.